Print this page
14.Нанҳәа.2023

Михаил Галузин Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыцҳаражәҳәаҩцәа Алхас Кәыҵниеи Знаур Гассиеви дырԥылеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 14 рзы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр  ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыцҳаражәҳәаҩцәа Алхас Кәыҵниеи Знаур Гассиеви идикылеит.

Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура аҿы Аԥсныпресс иарҭаз адыррақәа рыла, аиԥылара иалахәыз нанҳәамза 7 – 8 ауха,  2008 шықәсазы Қырҭтәыла имҩаԥнагаз агрессиа иахҟьаны иҭахаз Аахыҵ Уаԥстәыла аҭынч уааԥсыреи урыстәылатәи абжьаҟазыҩцәеи ҳаҭырла иргәаладыршәеит.  

Урҭ иара убас Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи аҭоурыхтә рыцхә – нанҳәамза 26, 2008 шықәсазы иҟалаз   Урыстәылатәи Афедерациа ала ареспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵара иазкны аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рҽазыҟаҵареи рымҩаԥгареи иалацәажәеит.

Аиԥылара иалахәыз инаҵшьны иазгәарҭеит Москвеи Аҟәеи Цхьынвали рыбжьара х-ҳәынҭқаррак рхадацәа рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны аиашьаратә, аимабзиаратә, апартниортә, аидгыларатә еизыҟазаашьақәа аринахысгьы рырӷәӷәареи рырҿиареи иаҵоу аҵакы ахадара.   


Read 320 times - Ахаша, 30 Нанҳәа 2023 15:33