Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ҳаҭырла иргәаладыршәарц Ахьӡ-Апарк ахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩцәа Кристина Озгани Валери Делбеи, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Аԥсны иҟоу аҷыдалкаатә зынмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны иҟоу Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика аофициалтә аҭарнакра аиҳабы Гарри Кәпалба, Аԥсны Арбџьармчқәа рыруаа, хатәгәаԥхарауаа, иҭахаз аибашьцәа ранацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.