Print this page
11.Нанҳәа.2023

Приморское ақыҭан иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны ахаҵа дҭахеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Асоциалтә ҳа аҿы ицәырҵит аидарамҩангагатә машьына аныҟәцаҩ амҩа аҿықә аҿы игылаз ахаҵа дышиӷрысыз атәы узырбо авидеоҭыхымҭа.

«Амашьына шьҭахьҟа адәықәҵараан амашьынарныҟәцаҩ  игылаз ауаҩы дизгәамҭаӡакәа диӷрысит»,- ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабы Зосма Гыцба.

Уи ишазгәеиҭаз ала, иҭахаз ахаҵа ихаҭара ашьақәыргылара мҩаԥысуеит. Амашәыртә хҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы аус ауеит аусеилыргара-оперативтә гәыԥ.


Read 434 times - Амҽыша, 13 Нанҳәа 2023 23:16