Print this page
10.Нанҳәа.2023

Аслан Бжьаниа игәабзиара аҭагылазаашьа инамаданы ахәышәтәырҭа ахь дадҵаалеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа аҳҭнықалақь ахь иусуратә ҭаара амҩаԥгараан, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  игәы ахьырахәымхаз иахҟьаны ахәышәтәырҭа ахь днеит. Уажәы уи ихымԥадатәиу амедицинатә ҭҵаарақәа дырхысуеит.

Иҟоу заанаҵтәи адыррақәа рыла, Аҳәынҭқарра Ахада уаанӡа имаз аҷаҷа чымазара аицәахара аарԥшхеит. Убри аан уи иԥсҭазаара азы изеиԥшразаалак шәарҭара ыҟам. 


Read 508 times - Аԥшьаша, 10 Нанҳәа 2023 23:54