Print this page
08.Нанҳәа.2023

Алхас Кәыҵниа Қьырса Аԥсҿыхҩы Иныхабаа аҿы имҩаԥысыз Апанихида ихы алаирхәит.

Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа, Қырҭтәыла Аахыҵ-Уаԥстәыла аганахь ала иҟанаҵаз арратә агрессиа 15 шықәса  аҵра амш аҽны, Урыстәылатәи Афедерациа аҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Қьырса Аԥсҿыхҩы Иныхабаа аҿы ахара здымкәа ишьыз Аахыҵ-Уаԥстәыла ауааԥсыра, нанҳәамза, 2008 шықәсазы иҟалаз бџьаршьҭыхлатәи агрессиа аҿы иҭахаз урыстәылатәии аахыҵуаԥстәылатәии аруааи ргәалашәаразы имҩаԥысыз Апанихида ихы алаирхәит.

Харада зыԥсҭазаара иалхыз ргәалашәара Амш азгәаҭара иара убас рхы аладырхәит Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа Алхас Барзаниеи Нури Хәарцкьиеи. 


Read 310 times - Ахаша, 09 Нанҳәа 2023 20:12