Print this page
01.Нанҳәа.2023

Аԥсны ахаҭарнакцәа II Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы культуратә форум рхы аладырхәуеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла акультура Аминистрра ааԥхьарала Аԥснытәи аделегациа нанҳәамза 10-12 рзы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуа II Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы культуратә форум аусура ахы аланархәуеит.  Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура. 

Урыстәыла арегионқәа зегьи ааигәатәи аҳәаанырцә атәылақәеи рҟынтәи ҩ-нызықьҩык инареиҳаны ахәыҷқәа акультура иадҳәалоу атемақәа рылацәажәара, аҟазара аҿы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рзы адыррақәа раиура, аҩызцәа ҿыцқәа рырҳареи, иара убас изызҿлымҳау атемақәа рыла Урыстәылатәи Афедерациа акультура аминистр Ольга Лиубимова азҵаарақәа лыҭареи рзы Иҿыцу Третиаковка аҿы еизоит.  

 

 


Read 262 times - Ахәаша, 04 Нанҳәа 2023 10:59