Print this page
02.Нанҳәа.2023

Хҩык аишьцәа Поповаа Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҟынтәи аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьахеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа Идҵа ала, Алеқсандр, Никита, Максим Поповаа аԥшаара-еиқәырхаратә операциақәа рымҩаԥгараан аԥсеиқәырхаҩцәа рыцхырааразы Аԥсны  Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҟынтәи аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьахеит.  

«Аџьшьара зауз арԥарцәа уажәадагьы изныкымкәа Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа иҷыдоу аҭагылазаашьақәа раан хабарда ибжьаӡыз ауаа рыԥшаараҿы ирыцхраахьан. Урҭ аԥсеиқәырхаҩцәа русура армариареи еиҳа алҵшәа аарԥшреи рзы ирырҭон рхатәы аԥырҩыда иԥыруа аппаратқәеи урҭ иҭырхыз аматериалқәеи», - ҳәа иазгәаҭоуп аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа иҟанаҵо адырраҭара аҿы.

Аишьцәа Поповаа Гегтәи аӡхыҽҽа аҿы хабарда ибжьаӡыз Белоруссиатәи атәылауаҩи, рашәарамза алагамҭазы иҟалаз ақәыршҩы ӷәӷәа иахьҟьаны ихыҵыз аӡы ала амшын ахь иагаз Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыси рыԥшаарагьы рхы аладырхәуан.   


Read 239 times - Аԥшьаша, 03 Нанҳәа 2023 23:26