Аилатәара рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор Хада Ҭемыр Џьынџьал, уи актәи ихаҭыԥуаҩ Ҭенгиз Гирџьынба.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб афымцамч азҵаарақәа рзы аилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Аилатәара аҿы ирылацәажәеит ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аштаттә усзуҩцәа рхыԥхьаӡара аиҵатәреи категориақәак ирыҵанакуа аусзуҩцәа руалфахәы ашьҭыхреи ирыдҳәалоу азҵаарақәа. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан афымцамч ахархәара аԥхьаӡагатә приборқәа рышьақәыргылареи афымцамч ахархәаразы ашәатәқәа реизгара ашьҭыхреи рызҵаарақәа.