Зныктәи аԥаратә цхыраара ашәара мҩаԥгахоит асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рзы Аминистрра ала.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Донбасс аҿы иҷыдоу арратә операциа аҿы хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз аибашьцәа Едуард Шьакаеи Олег Бебиеи рҭаацәа 1 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо аԥаратә цхыраара рызшәахоит.
Уи азы ақәҵара рыдыркылеит иахьа, ԥхынгәымза 27 рзы имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы.
Зныктәи аԥаратә цхыраара ашәара мҩаԥгахоит асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рзы Аминистрра ала.