Print this page
27.Ԥхынгәы.2023

Аԥсны ачахә иацлеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы «Ачашылеи ачеи рыхәԥса аҳәынҭқарратә ҭышәынтәалара азы» ақәҵара ҿыц рыдыркылеит.

Ишьақәыргылоуп иреиҳауи аҩбатәии асорт ачашыла иалху хык ача азы иҿыцу аизыкылаҭиратә хәыԥсеи азаҵәылаҭиратә хәыԥсеи. Уажәшьҭарнахыс иреиҳау асорт ачашыла иалху кьылак ача 50 мааҭ иреиҳахаӡом,  0,6 кг - 30 мааҭ иреиҳахаӡом;  

Аҩбатәи ачашыла иалху кьылак ача ахәԥса – 47 мааҭ иреиҳахаӡом,  0,6 кг – 28 мааҭ.  

 


Read 372 times - Аԥшьаша, 27 Ԥхынгәы 2023 20:14