Print this page
19.Ԥхынгәы.2023

Никаргуа ахада: Манагуеи Аҟәеи аусеицуразы апотенциал ду рымоуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Манагуа ақалақь Ахадара аҿы иҩаԥысит  Аԥсны анапхгаратә делегациеи Мангуа ақалақь ахада Реина Руедеи реиԥылара.

Реина Руеда Манагуеи Аҟәеи аусеицуразы апотенциал ду рымоуп, аҩ-ҳәынҭқаррак раҳҭнықалақьқәа анаҩстәи русуеицура арҿиара иазкны аусура дазхиоуп  ҳәа иазгәалҭеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.

«Цәыббрамза 1, 2021 шықәсазы Аҟәеи Манагуеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы аԥышәала аимадара азы алшара ҳанаҭоит», – ҳәа иазгәалҭеит Реина Руеда.

Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, аҩ-ҳәынҭқаррак раҳҭнықалақьқәа агеографиала акыр шрыбжьоугьы, реимабзиаратә еизыҟзаашьақәа ессааира хра злоу аҿиара шаиуо азы агәыӷра ааирԥшит.  

«Ҳара аокеан ҳабжьоуп, аха уеизгьы иаҳзеиԥшу, ҳаидызкыло рацәаны иҳамоуп. Ҳара ҳтәылақәа ихьыԥшым ҳәынҭқәаррақәаны аҟаларазы акыр ихьанҭоу аҭоурыхтә мҩа ианысит. Аԥсуа жәлар рыхьӡала шәмилаҭтә ныҳәа ду  – Сандинисттәи ареволиуциа 44 - шықәса ахыҵра шәыдысныҳәалоит, Никарагуа ажәлар ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аҭышәынтәалара, ахирра», - ҳәа иазгәеиҭеит Беслан Џьопуа.

Беслан Џьопуа иара убас  Никарагуа ақыҭанхамҩа аминистр Боско Костилио диԥылеит.

Боско Костилио  аԥснытәи иколлега Никарагуа ақыҭанхамҩатә потенциал атәы изеиҭеиҳәеит.

Ахәҭакахьала, Беслан Џьопуа Аԥсны ақыҭанхамҩа  аҿиара атәы далацәажәеит, иарбоу аусхкы аҿы ареспубликақәа аусеицура рыбжьаҵара иаҵоу аҵакы хада дазааҭгылеит.

Беслан Дџьопуеи  Боско Костилиои аҩганктәи адиалог  ацҵаразы еиқәшаҳаҭхеит.  


Read 389 times - Асабша, 22 Ԥхынгәы 2023 13:26