Print this page
19.Ԥхынгәы.2023

Очамчыра араион абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Иури Лагәлаа “Ахьӡ-Аԥша” аорден III аҩаӡара ианашьахеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иури Лагәлаа «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ианашьара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.  

«Аԥсадгьыл азы иааԥсареи активла ауаажәларра-политикатә усуреи рзы Очамчыра араион абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Иури Гьаргь-иԥа Лагәлаа “Ахьӡ-Аԥша” аорден III аҩаӡара ианашьазааит. ", –  ҳәа иаҳәоит Аусԥҟа атекст аҿы.


Read 309 times - Ахаша, 30 Нанҳәа 2023 15:49