Аҟәа. Ԥхынгәымза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут ахаша, ԥхынгәымза 19, асааҭ 15:00 инарзынаԥшуа, Гәдоуҭа араион Абӷархықә ақыҭан 1972 шықәсазы ииз Аҳәба Ҭемыр Валери-иԥа дызшьыз ахаҿы еилкаареи иаанкылареи иазырхоу аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ркоординациа азы аусуратә еилатәара мҩаԥигеит. Абри азы «Аԥсны.иахьа» ахь адырра ҟалеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟынтәи.
Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аҟны аоперативтә штаб аус ауеит.
Аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәуеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьаусԥшааратә ҟәшеиҵақәа, Ирласны анырра азы Иҷыдоу Аотриад, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра акинологиатә маҵзура, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра. «Аанкылара» аплан рылаҳәоуп.