Print this page
19.Ԥхынгәы.2023

Виссарион Ҵәыџьба Аԥсны жәлар рсахьаҭыхҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьахеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа   В.А. Ҵәыџьба «Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

«Асахьаҭыхратә ҟазара аҿиареи ашьақәгылареи рҿы илагала дууи иҳараку изанааҭтә дырра аҩаӡареи еиҵагыло аҿар реиҵааӡаразы илшамҭақәеи рзы, Ҵәыџьба Висарион Акәын-иԥа «Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьазааит», - ҳәа иаҳәоит Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусԥҟа атекст аҿы.   

 


Read 293 times - Ахаша, 30 Нанҳәа 2023 15:48