Аҟәа. Ԥхынгәымза 21, 2023 шықәса. Аԥсныперсс. Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа Амилаҭтә ҭҵааратә университет «Иреиҳаӡоу аекономика ашкол» ахаҭарнацәа-ацҳаражәҳәаҩцәа Глеб Аџьбеи Мирон Бараҭелиеи идикылеит.
Аҵара Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылара аҿы ирылацәажәеит абарҭ азҵаарақәа:
Аԥсны аҵара Аминистрреи Амилаҭтә ҭҵааратә университет «Иреиҳаӡоу аекономика ашколи» аусеицура рыбжьаҵара;
Амилаҭтә ҭҵааратә университет «Иреиҳаӡоу аекономика ашкол» «Аԥснытәи аклуб» ала ареспублика ашколхәыҷқәа рзы азанааҭтә ҽҳәаақәҵара иазку аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара;
Амилаҭтә ҭҵааратә университет «Иреиҳаӡоу аекономика ашкол» арҵаҩцәа рыла аԥснытәи арҵаҩцәа рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра иазку апрограммақәа рымҩаԥгара;
Ахаҭарнакцәа-ацҳәаражәҳәаҩцәа (амбассадоры) – ари Амилаҭтә ҭҵааратә университет «Иреиҳаӡоу аекономика ашкол» астудентцәа роуп, урҭ ауниверситет азы рдыррақәа акыр инарҭбаауп, дара ари зыхә дуу аинформациа заԥхьаҟа иарбоу аҵараиурҭа иастудентцәаханы иҟаларц зылшо аҿар рымадара иазхиоуп.