Аныҳәатә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит Урыстәылатәи Афедерациа аҿы акредитациа змоу адипломатиатә корпусқәа рхадацәеи амаҵурауааи, иара убас еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩцәа.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Ацҳаражәҳәарҭа адипломатцәа ицны Сандинисттәи Ареволиуциа ҟалеижьҭеи 44-шықәса аҵра азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура. Аныҳәатә дкылара мҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Никарагуа Ацҳаражәҳәарҭа аҿы.
Аныҳәатә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит Урыстәылатәи Афедерациа аҿы акредитациа змоу адипломатиатә корпусқәа рхадацәеи амаҵурауааи, иара убас еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩцәа.