Print this page
20.Ԥхынгәы.2023

Аинфекционистцәеи апедиатрцәеи рзы атренинг мҩаԥысит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза  20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы аинфекциатә чымазарақәак рдиагностикеи рыхәышәтәреи рыпрофилактикеи ирызку актуалра злоу азҵаарақәа ирызкны ҩымш имҩаԥысуаз атренинг-семинар хыркәшахеит.  Атренинг рхы аладырхәит ареспублика амедицинатә усбарҭақәа рҟынтәи апедиатрцәеи аинфекцонистцәеи.

Азыҟаҵарақәа  мҩаԥылгон Москвантәи иааз амедицинатә наукақәа  ркандидат, аҳақьым-аинфекционист, апедиатр   Алиса Медикова.  

Атренинг алахәылацәа абарҭ атемақәа рыла алекциақәа ирзыӡырҩуан:

«Ахәыҷқәа рыҟны акьиатеитәи абактериалтәии авирустәи аинфекциақәа»;

«Аинфекциатә мононуклеоз.  Агерпесвирустә ҿкы чымазарақәа. Лассы-лассы ичмазаҩхо ахыҷқәа амедицинатә хылаԥшра рыҭара»;

«Аимҳәаршәаа. Аклиникеи адиагностикеи апрофилактикеи ҳаамҭазтәи аҷыдарақәа»;

«Абҷы. Аклиникеи адиагностикеи апрофилактикеи ирыдҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа».

Атренинг  атәыла агәабзиарахьчара Аминистрреи Аҟәа ақалақь Ахадара агәабзиарахьчара Аусбарҭеи рыла еиҿкаан.

 


Read 427 times - Ахаша, 30 Нанҳәа 2023 15:44