Print this page
20.Ԥхынгәы.2023

Аԥснытәи аспортсменцәа Жәларбжьаратәи ашахматтә форум «Moscow оpen 2023» рхы аладырхәуеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аспортсменцәа XIX Жәларбжьаратәи ашахматтә форум «Moscow оpen 2023» рхы аладырхәуеит. Атурнир Москватәи аспорт 100-шықәса ахыҵра иазкуп. Аицлабрақәа ԥхынгәымза 23-нӡа имҩаԥыслоит.

Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны еицырдыруа урыстәылатәи агроссмеистерцәа злаху «Турнир звезд» мҩыԥгахоит, иара убас  аҳәсеи ахацәеи рыбжьара Урыстәыла Ахраҿа, Урыстәыла Ахраҿа ахәыҷтәы етап «Иҟәыӷоу ахәыҷқәа-иӷәӷәоу Урыстәыла» 9, 11, 13 шықәса зхымҵыц аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи, иара убас  15 шықәса зхымҵыц арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи рыбжьара.

Афорум ахь еизеит  Урыстәыла 66 субиекти аиҩызаратә тәылақәеи рҟынтәи 1049-ҩык инарзынаԥшуа аспртсменцәа.

 

 


Read 454 times - Ахаша, 30 Нанҳәа 2023 15:45