Print this page
18.Ԥхынгәы.2023

Аслан Бжьаниа Очамчыра аԥшаҳәа аиқәыршәазаара иазку аусурақәа рымҩаԥысшьа геиҭеит.

Аҟәа. Ԥхынгәамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра ақалақь ахь иусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, ақалақь аԥшаҳәа аиқәыршәзаара иазку аусурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит.

3 нызықь ԥшьыркцатә метр рҟынӡа инаӡо аԥшаҳәа ахәҭак аҿы ашьаҟамҩақәа ахаҳәцәы ала ирчаԥахьеит. Уи иақәхарџьхаз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 5 млн. 250 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  Уажәы ахаҳәцәы ашьҭаҵара мҩаԥысуеит Аконтитуциа ашҭа аҿы асасааирҭа «Амшынеиқәатә бырлаш» аганахьала.

Аԥшаҳәа иахьаҵанакуа еиҭаҳан атуиа ҳәа изышьҭоу аҵиаақәа, ишьақәыргылахеит агәам-сам ҭаԥсарҭақәа, арымӡқәа, иргылахеит аӡрыжәтә аазышьҭуа афонтан, еиуеиԥшым аскульптурақәа, арлашара мҩаԥгоуп.

Иара убас атренажиорқәа жәба рыла еиқәыршәоу аспорттә плошьдка аартын. Арҭ аусурақәа мшаԥымзазы ихацыркын. Апроект ахарџьынҵатә хәыԥса – 1 млн. 900 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Арҭ аԥаратә хархәагақәа аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи иазоужьхеит.  


Read 673 times - Аҩаша, 18 Ԥхынгәы 2023 12:59