Print this page
13.Ԥхынгәы.2023

Роберт Киут Краснодартәи атәылаҿацә ала Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭа Хада анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Огурцов диԥылеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза  12 рзы Краснодартәи атәылаҿацә акурорттә-қалақь Шәача ақалақьтә округ амуниципалтә еиҿкаара Ахадара аҿы Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Краснодартәи атәылаҿацә ала Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭа Хадеи афедералтә ҵакыра «Сириус» ала Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟәша рделегациақәа русуратә еиԥылара мҩаԥысит.  

Аганқәа аҳәаа иаԥну аҵакырақәа рҿы ауаажәларратә ҭышәынтәалареи ашәарҭадареи азинеиҿкаареи рышьақәыргылара хықәкыс иҟаҵаны аусеицура аиҿкаара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа ирылацәажәеит:

  • анаркотикатә хархәагақәеи арҩышьыгатә маҭәашьарқәеи изакәанымкәа реикәыршареи реиҭарсреи аҿагылара;
  • хабарда ибжьаӡыз ауаа уахь иналаҵаны, зганахьала аусеилыргаратә ԥшаара хацырку ахаҿқәа рыҟазаара аҭыԥ ашьақәыргылара;
  • иҭҟьо амцабџьар, арҭҟәацгақәеи атранспорттә хархәагақәеи уахь иналаҵаны, зыԥшаара иаҿу ирӷьычыз атәым мазара азы аинформациала аимадара;
  • амҩа-транспорттә шәарҭадара аиҿкаара.

Аиԥылара рхы аладырхәит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рганахьала аминистр Роберт Киут, аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа, аминистр иабжьгаҩ хада Инал Маршьан. Урыстәыла аганахьала – Краснодартәи атәылаҿацә ала Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭа Хада анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ – Шәача ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабы Сергеи Огурцов, афедералтә ҵакыра «Сириус» ала Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟәша анапхгаҩы Алеқсандр Куликов.

Аҳәаа иаԥну аҵакырақәа рҿы ацәгьоурақәа рыԥхьырҟәҟәаара, ауаажәларратә ҭышәынтәалареи ашәарҭадареи азинеиҿкаареи рышьақәыргылара хықәкыс иҟаҵаны асистематә усеицура ԥхынҷкәынмза 24, 2010 шықәса рзы Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Аԥсны Аҳәынҭқарреи аҩныҵҟатәи аусқәа русеицуразы ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит.


Read 298 times - Ахәаша, 14 Ԥхынгәы 2023 20:00