Print this page
13.Ԥхынгәы.2023

Аԥснытәи аԥсеиқәырхаҩцәа Гагра араион аҿы иҟалаз аӡхыҵра аан хабарда ибжьӡыз урыстәылатәи аԥҳәыс лыԥшаара иаҿуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭқарратә Инспекциа аусзуҩцәа амшын аӡымҽхак аҿы ааигәа иҟалаз амшцәгьақәа раан хабарда ибжьаӡыз аԥҳәас лыԥшаара иаҿуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит ахылаԥшырҭа апресс-маҵзура.

Аамҭак ала Гәдоуҭа араион аҟынтәи аиқәырхаҩцәа аҟәара иаԥну аҵакыра аҿы аԥшаарақәа мҩаԥыргоит.

Аҳауа аҟынтәи аԥшаарақәа рымҩаԥгаразы рхы иадырхәоит хазхаҭалатәи аилазаарак ирынаҭаз аԥырҩыда иԥыруа аԥрыга.

Уажәазы хабарда ибжьаӡыз аԥҳәыс лыԥшаарақәа лҵшәаданы иаанхоит. Уи рымҩаԥгара иацҵоуп.

 


Read 291 times - Ахәаша, 14 Ԥхынгәы 2023 10:45