Print this page
11.Ԥхынгәы.2023

Ашьхара иӡыз ахаҵа иԥшаара алыршахеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аԥшаара-еиқәырхаратә отриад аусзуҩцәа  ԥшьымш раԥхьа ашьхара хабарда ибжьаӡыз 60- шықәса зхыҵуа Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа инхо Рамаз Ҵәыџьба иԥшаара рылшеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа апресс-маҵзура.

«Аԥшааратә  усмҩаԥгатәқәа иуадаҩыз аԥсабаратә ҭагылазаашьақәа рҿы имҩаԥысуан, амш акыр ицәгьан, ӷәӷәала аԥша асуан, ақәаршҩы ауан. Ирыԥшааз ахаҵа ишьапы хәны иҟан, уи раԥхьатәи амедицинатә цхыраара иоуит, анаҩс дахьынхо аҭыԥ аҟынӡа инагара еиҿкаан», - ҳәа иазгәаҭоуп иҟоу адырра аҿы.

Аҭыԥантәи ахьчацәа дрыцны Рамаз Ҵәыџьба ашьхаҳаракыратә раион ашьхацәҳәыратә ҳәырҭақәа рҿы дыҟан. Агәыԥ шьҭахьҟа рыхынҳәраан иара егьырҭ иҩызцәа рышьҭахь даанхеит, анаҩс  урҭ зынӡагьы ицәыӡит. Аԥшаара-еиқәырхаратә операциа иҳаҩсыз ахәаша азы ихацыркын.

 


Read 427 times - Аҩаша, 11 Ԥхынгәы 2023 16:40