«Аиқәырхаҩцәа аӡы зҵалаз аҩнқәа рыгәраҵақәа рҿы аӡы аҭыгара иаҿуп. Ҭыԥқәак рҿы иҵыхжәаз аҵлақәа Очамчыреи Гали Ҭҟәарчали еимаздо автотрасса ианыҳалеит. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Амнистрра аусзуҩцәа икаҳаз аҵлақәа хәҭа-хәҭала иԥҟаны амҩа ианыхны иқәганы иргеит, иара убри ала автомашьынақәа рныҟәара еиҭашьақәыргылахеит», - ҳәа адырра ҟанаҵоит Ахылаԥшырҭа апресс-маҵзура.