Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Арратә Ҳаиртә Мчқәа авиациа аԥыррақәа арратә зыҟаҵара аплан инақәыршәаны имҩаԥысуеит. Аԥыррақәа рмаршрутқәа, аԥырратә зонақәа, аԥырра аҳаракырақәа, уҳәа арратә зыҟаҵара акурс аҽаршьцыларақәа рыла иалкаауп, урҭ Аԥсны атәылахьчара Аминистрра Арратә ҳаиртә Мчрақәеи Аҳаирхыхьчаратә Мчрақәеи ркомандаҟаҵаҩы ила ишьақырӷәӷәоу аҳаиртә ҵакыра аструктура аҳәаақәа ирҭыҵӡом. Аԥыррақәа зегьы мацара аҽазыҟаҵаратә ҟазшьа ауп иамоу.
Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.