«Арҵаҩратә ҟазара ашкол» II асезон аусура аҿы рхы аладырхәуеит 146-ҩык арҵаҩцәеи аҳҭнықалақь ааӡаҩцәеи. Ашкол мҩаԥыслоит ԥхынгәымза 3 – 8 рзы. Мчыбжьык иалагӡаны амастер-классқәа мҩаԥыргалоит Г. Державин ихьӡ зху Тамбовтәи аҳәынҭқарратә Университети Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университети рырҵаҩцәа, Н. Арӡынба ихьӡ зху апедагогика Аинститут аусзуҩцәа, иара убас Аҟәа ақалақь ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи рааӡаҩцәеи рырҵаҩцәеи. Амастер-классқәа абарҭ ахырхарҭақәа рыла имҩаԥгахоит: аԥсуа бызшәеи алитературеи, аурыс сектор аҿы аҵара зҵо рзы аԥсуа бызшәа, аурыс бызшәеи алитературеи, англыз бызшәа, аматематика, афизика, ахимиа, абиологиа, агеографиа, алагарҭатә школ, ашколнӡатәи аҵарадырра, аҵара аҟәша аиҳабацәа.