Print this page
29.Рашәара.2023

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аԥшаара-еиқәырхаратә отриад аусзуҩцәа Аҟәа ақалақь Гәымсҭа аӡиас ахы ахьыҵнахо иҟоу аҵакыра аҟынтәи х-ҩык ауаа раагара алдыршеит.

Аҟәа. Рашәарамза  29,2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи Аӡфымцатә станциа аӡыхкыра азааигәара автотранспорт аԥхасҭахара иахҟьаны, ауаа рхала аӡиас изырсуамызт. Аиқәырхаҩцәа урҭ аҳҭнықалақь аҟынӡа раагара еиҿыркааит», - ҳәа иазгәаҭоуп Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иҟанаҵо адырраҭара аҿы.

Аиқәырхаҩцәа ргәыԥ иԥхасҭахаз автомашьына аӡиас аӡыршьҭра аҟынтәи даҽа машьынак иацраҳәаны ишәарҭам аҭыԥ ахь иааргеит.

 


Read 421 times - Аԥшьаша, 29 Рашәара 2023 21:47