Print this page
29.Рашәара.2023

Еиҭамҵуа амал акадастр автоматизациа зызу аинформациатә система адыррақәа реизак Акадастртә палата ахь ииагахоит.

Аҟәа. Рашәарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара «Еиҭамҵуа амал акадастр автоматизациа зызу аинформациатә система адыррақәа реизак Акадастртә палата ахь аиагаразы» ақәҵара аднакылеит.

Адгьылхархәареи акадастри рзы аҳәынҭқарратә Усбарҭа еиҭамҵуа амал акадастр автоматизациа зызу аинформациатә система адыррақәа реизак аҳәынҭқарратә усбарҭа «Аҳәынҭқарратә кадастратә палата» ахь аиагаразы адҵа аиуит.  

Адыррақәа реизак абаланстә хәыԥса –  29 млн. 351  ныз. 429 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Ақәҵара анагӡара ахылаԥшра аҭара адгьылхархәареи акадастри рзы аҳәынҭқарратә Усбарҭа иадҵоуп. 


Read 393 times - Аԥшьаша, 29 Рашәара 2023 17:51