Print this page
28.Рашәара.2023

Афымцаеиҵа «ИЭПиТ» аҿы иҟалаз амцакра иахҟьаны Аҟәа ақалақь ахәҭаки Аҟәа араион Иашҭхәа ақыҭеи фымцалашарада иаанхеит.

Аҟәа. Рашәарамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» авариатә бригадақәа афымцаеиҵақәа «ИЭПиТи» «Баслати»  еимаздараны иҟоуп афымцацәаҳәа 10 кВ аргылара мҩаԥнагоит.   Уи Иашҭхәа ақыҭа ахь афымцамч анашьҭра алнаршоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит АУН "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.

Аҟәа ақалақь аҿы аус руеит Аҟәатәи Афымцастанциа авариатә маҵзурақәа. Урҭ авариатә схемақәа рыла афымцамч анашьҭра азы ақалақь аенергосистема арҽеира мҩаԥыргоит.

Иахьа ашьжьымҭан афымцаеиҵа «ИЭПит» аҿы амцакра ҟалеит. Уи иахҟьаны фымцалашарада иаанхеит Аҟәа ақалақь ахәҭаки Аҟәа араион Иашҭхәа ақыҭеи.


Read 301 times - Аԥшьаша, 29 Рашәара 2023 10:51