Print this page
28.Рашәара.2023

Гал араион аҿы аҭыԥантәи абиуџьет ахарџь ала атрактор-маҷқәа ҩба аархәеит.

Аҟәа. Рашәарамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гал араион Ахадара араион абиуџьет ахарџь ала атрактор-маҷқәа ҩба аанахәеит.

Гал араион агроном хада Лери Шьониа ажурналистцәа дрыҿцәажәо тракторк амчра  35 ҽамч амоуп, уи абҵарамза  2022 шықәсазы иаахәан, ахәԥса 900 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит ҳәа еиҭеиҳәеит.  Аҩбатәи атрактор 2023 шықәсазоуп ианаахәаз. Иара иамоу амчра 50 ҽымч ала еиҳауп, ахәԥсагьы – 1 млн 690 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Аиқәыршәагақәа зегьы  15-мыш рыла иааргараны иҟоуп.  

«Ҳара аиашазы арҭ атракторқәа ҳҭахны ҳаҟан, избан акәзар, ҳара ҳахьынхо аграртә раионуп, араҟа ирацәаны иҟоуп арасеи аџьықәреи рыплантациақәа - 3 нызықь гектар рҟынӡа.

«Атракторқәа руак ацхыраарала аус адулан 10 гектарк инарзынаԥшуа адгьыл. Араҟа аџьықәреи лаҳҵеит.  Ари амхырҭа иҭыҵуа аура зегьы агуманитартә цхыраара аҳасабала зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәа ирзаҳшоит»,  – ҳәа иҳәеит Лери Шьониа. 

 

 


Read 301 times - Аԥшьаша, 29 Рашәара 2023 10:41