«Жәларзегьтәи рыбжьыҭара (ареферендум) азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан инақәыршәаны, ареферендум Алхратә Комиссиа Хада ала аԥшьгаратә гәыԥ аилазаареи ареферендум ахь ицәыргахо азҵаареи ашәҟәҭагалара мҩаԥнагоит. Ашәҟәҭагаларазы анеиреи арзаҳал алаҵареи рнаҩс жәохәымш ирылагӡаны, ареферендум аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәҭагалара ишахысыз азы аршаҳаҭга аиуоит, уи алахәылацәагьы уи азы аршаҳаҭгақәа рыҭахоит.