Print this page
26.Рашәара.2023

Ҭҟәарчал ақалақь Горки имҩала игылоу аҩнеихагыла №1 ахыб шьҭарнахыс ақәа кылслаӡом.

Аҟәа. Рашәарамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «СтройДом 2022» Ҭҟәарчал ақалақь аҿы хә-еихагылакны иҟоу аҩны ахыб аиҭашьақәыргылара иазку аусурақәа хнаркәшоит.  

Горки имҩала игылоу аҩнеихагыла №1 ахыб 20 шықәса раахыс аиҭашьақәыргылара амбаӡацызт. Иҳараку ацәаакыра, лассы-ласы ақәоурақәа ирыхҟьаны – ажәытә шифер ԥҽит, ауаа рынхарҭақәа рахь аӡы кылсуа иалагеит. Ҭҟәарчал араион анапхгараҭара аганахьала  ари аҩны аҿы инхо ахыб аиҭашьақәыргыларазы иҟарҵоз аҳәарақәа хшыҩзышьҭрада иаанымхаӡеит.

«Ҳара иазԥхьагәаҭаз аусурақәа зегьы рҟынтәи 98% рҟынӡа наҳагӡахеит. Апроект ахарџьхәыԥса  - 6 млн. мааҭ иреиҳауп. Еиҭашьақәыргылоу ахыб аплошьад   - 1464 ԥшьыркцатә метр рҟынӡа инаӡоит. Ахыб ақәҵа апрофнастил ҳәа изышьҭоу аматериал ауп. Мацара аӡышьҭратә шәырақәа рыкнаҳара заҵәык ауп иҟаҵатәны иаҳзаанханы иҟоу», - ҳәа ажурналистцәа дрыҿцәажәо иҳәеит анардкыларатә еиҿкаара адиректор Раули Шамугиа.   

 

 


Read 336 times - Ашәахьа, 26 Рашәара 2023 18:57