Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура хаҭалатәи аилазаара аҳәынҭқарратә шьақәгылареи ауаажәларратә шәарҭадареи ирҿагыло ацәгьоурақәа оперативла аҭак аҭара азы адҵа роуит.
Аҟәа. Рашәарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аиҳабы, аинрал-маиор Дмитри Дбар идҵа ала, Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аҟәеиҵақәеи хаҭалатәи аилазаареи ирӷәӷәоу аусура арежим ахь ииагоуп.
Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура хаҭалатәи аилазаара аҳәынҭқарратә шьақәгылареи ауаажәларратә шәарҭадареи ирҿагыло ацәгьоурақәа оперативла аҭак аҭара азы адҵа роуит.