Print this page
22.Рашәара.2023

Абар шьҭа фымшуп уахгьы ҽынгьи Гега аӡиас иалаҳаз ахәыҷы иԥшаара иаҿууижьҭеи.

Аҟәа. Рашәарамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абар шьҭа фымшуп уахгьы ҽынгьи Гега аӡиас  иалаҳаз балорустәи ахәыҷы –ԥшьышықәса зхыҵуа  Алеқсандр Вакулич иԥшаара иаҿууижьҭеи, - ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан.

«Ахәыҷы иԥшаара мҩаԥысуеит. Есыҽны аԥшааратә усурақәа ирылаху аусзуҩцәа рҽеиҭныԥахло аԥшаарақәа мҩаԥыргоит. Ахәлара ирымнахаанӡа аиқәырхаҩцәа  аӡиас аӡышьҭра иаваршәны изныкамкәа амаршрут иахысуеит», – ҳәа иазгәеиҭеит Тигран Делибалтиан.

Асабша, рашәарамза 17 рзы,  зан илыцны аекскурсиаҿы иҟаз, 2019 шықәса рзы ииз  Алеқсандр Вакулич Риҵатәи ареликтә парк аҿы Гега аӡиас далаҳаит. Аҷкәын хәыҷы аӡы дагеит.

Аԥшаареиқәырхаратә усмҩаԥгатәқәа аиқәырхаҩцәа ирыцны рхы аладырхәуеит Риҵатәи Ареликтә милаҭтә Парк аусзуҩцәагьы.

Гега аӡиас Бзыԥ аӡиас арыӷьаратәи аӡымахә ауп.  Уи ахы ыҵнахуеит 1640 м. рҟынӡа инаӡо аҳаракыра аҿы. Аӡиас аӡышьҭра даара иԥшӡоу иҭшәоу аҩхаа аҿы иҟоуп, убри иахҟьаны ари аӡиас амҩасра иахьаҵанакуа даара ирацәаны аӡхыҽҽарақәеи аӡҭаҽҽақәеи уԥылоит.


Read 344 times - Аԥшьаша, 22 Рашәара 2023 22:28