Print this page
21.Рашәара.2023

Аҟәа ақалақь аплиажқәа аӡҭалара аамҭахәҭа иазхиоуп.

Аҟәа. Рашәарамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳҭнықалақь аплиажқәа реиҳарак аӡҭалара аамҭахәҭа иазхиоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура. 

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы Аинспекциа аԥшаҳәа иаԥну асасааирҭақәа, аԥсшьарҭаҩнқәа, Аҟәа ақалақь аӡымҽхак иахьаҵанакуа қьырала иаанкылоу аплиажқәа рыҟны аинспекциатә гәаҭарақәа мҩаԥнагеит.

Аӡҭаларҭақәа иахьаҵанакуа амшын аҵа агәаҭареи арыцқьареи мҩаԥган. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы Аинспекциа  агаҿатә инфраструктуреи аԥсеиқәырхаратә пунктқәеи рыҟазаара гәанаҭеит.

Аҳҭнықалақь Ахадара ахаҭарнакцәа ражәақәа рыла, аамҭа кьаҿ иалагӡаны, азеиԥшқалақьтә плиажқәагьы аҳәааҭагӡаратә аӡҳәаарбагақәеи аԥсеиқәырхагатә пунктқәеи рыла еиқәыршәахоит. 

 

 


Read 371 times - Ахаша, 21 Рашәара 2023 20:47