Print this page
19.Рашәара.2023

ААУи Урыстәылатәи адукатуреи анотариати Ракадемиеи аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Аҟәа. Рашәарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы аректор, академик Алеко Гәарамиеи Урыстәылатәи адукатуреи анотариати Ракадемиа апроректор, азиндырратә наукақәа рдоктор, апрофессор Лиудмила Букалеровеи реиԥылара мҩаԥысит, ҳәа иаанацҳауеит ауниверситет аинформациеи амедиа коммуникациақәеи рыҟәша.

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университети Урыстәылатәи адукатуреи анотариати Ракадемиеи аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵара иазкыз ацеремониа. 

Аганқәа иреиҳаӡоу аҵарадырра аганахьала аусеицура, ахәҭакахьала аспирантуреи адокторантуреи иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Аиԥылара рхы аладырхәит ААУ актәи апроректор Роман Дбар, анаукатә усуразы апроректор Џьулиетта Адлеиба, жәларбжьаратәи аимадарақәеи аекономикатә зҵаарақәеи рзы апроректор Максим Ӷәынџьиа, азиндырратә факультет адекан Сергеи Смыр, уҳәа убас егьырҭгьы.  


Read 314 times - Аҩаша, 20 Рашәара 2023 14:58