Print this page
16.Рашәара.2023

Ҭыџьыкьысҭан атәылауаҩҳәсақәа ҩыџьа анаркотикатә маҭәашьарқәа реиҭарсра азы 15 шықәса аҭакрала ахгара рықәҵоуп.

Аҟәа. Рашәарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа, Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 224, ахәҭа 3, апункт «в» (ҷыдала зыкапан рацәоу анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа раахәареи рыҭиреи) рзы ахара зду Ҭыџьыктысҭан атәылауаҩҳәсақәа ҩыџьа – 2001 шықәсазы ииз Нулифар Бозоровеи 1978 шықәсазы ииз Маидагул Рахимовеи рганахьала ахарадҵатә зыӡба аднакылеит.   Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны апрокуратура Хада аофициалтә саит.

Нулифар Бозоровеи Маидагул Рахимовеи ҷыдала зыкапан рацәоу – 11,142 грамм грамм рҟынӡа инаӡо анаркотикатә маҭәашьар «метадон» изакәанымкәа аахәареи аҵәахреи рзы ахара рыдҵоуп.

Н. Бозорова Ахарадҵатә зыӡба алагаларатәии арезолиутивтәии ахәҭақәа инарықәыршәаны, Шамсиддинов Р.В. азеиԥш режим змоу ариашаратә колониа аҿы  15 шықәса ҭакрала ахгареи  600 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо  ахараԥса аҳәынҭқарра ахашәалахәы ахь ахыԥхьаӡалареи лықәҵоуп. Анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа раахәареи рыҭиреи рзы илыду ахара дақәшаҳаҭуп.

М. Рахимова азеиԥш режим змоу ариашаратә колониа аҿы  15 шықәса ҭакрала ахгареи  700 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо  ахараԥса аҳәынҭқарра ахашәалахәы ахь ахыԥхьаӡалареи лықәҵоуп. Анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа раахәареи рыҭиреи рзы илыду ахара дақәшаҳаҭымхаӡеит.

Азыӡба инагӡоу аверсиа анапаҿы аҭара инаркны  15 усуратә мшы ирылагӡаны аганқәа еиҳау аӡбарҭа ахь азыӡба иазашшыр алшоит.

 

 


Read 532 times - Ахәаша, 16 Рашәара 2023 20:18