Print this page
14.Рашәара.2023

Гагра иҟалаз ақәыршҩы иахҟьаны ареспубликатә трасса ахәҭаки ахатәы ҩнқәеи асасааирҭаки ааха роуит.

Аҟәа. Рашәарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа ашьыжь шаанӡа Гагра ақалақь  аҿы илеиз ақәыршҩы иахҟьаны ареспубликатә трасса ахәҭаки ахатәы ҩнқәеи асасааирҭаки ааха роуит.

«Иахьа, рашәарамза 14 рзы, ашьыжь шаанӡа, асааҭ 5 инарзынаԥшуа Гагра ақәыршыҩ ӷәӷәаны иауит. Уи иахҟьны ареспубликатә трасса ахәҭаки ахатәы ҩнқәеи асасааирҭаки ааха роуит»,  – ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟаиҵеит Гагра араион ала Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра иатәу амцарцәара-еиқәырхаратә отриад аиҳабы Давид Бганба.

Ареспубликатә трасса ахәҭак илеиз ақәыршҩи аӡыҳәынҵәатә ҩарӡқәеи ирыхҟьаны аамҭала иаркхеит.

«Амҩа ахәҭак аныҟәаразы иаркуп, аха автомашьына ласқәа аурыжьҭуеит. Уажәы араҟа аус руеит иахәҭоу амаҵзурақәа зегьы, аамҭа кьаҿ иалагӡаны амҩа ҩаԥхьа иаатуеит», –  ҳәа иҳәеит Давид Бганба.


Read 339 times - Аԥшьаша, 15 Рашәара 2023 10:28