Print this page
12.Рашәара.2023

Рашәарамза 14 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп X Жәларбжьаратәи автортә ашәа афестиваль «Ашәа узысҳәоит Аԥсынтәыла!»

Аҟәа. Рашәарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 14 рзы  И. Е. Кортуа ихьӡ зху жәлар рҟазара Ареспубликатә Центр  аҿы имҩаԥысраны иҟоуп  X Жәларбжьаратәи автортә ашәа афестиваль  «Ашәа узысҳәоит Аԥсынтәыла!».

«Автортә ашәа Жәларбжьаратәи афестиваль «Ашәа узысҳәоит Аԥсынтәыла!» асахьаркыра-музыкатә ҟазара аҿиареи аҟыбаҩ злоу ауаа раарԥшреи ахаԥшьгаратә авторцәа-анагӡаҩцәа ҳаамҭазтәи зсахьаркыратә ҩаӡара ҳараку аԥҵамҭақәа раԥҵара азы агәазыҳәара рыҭареи иазкуп», - ҳәа иазгәаҭоуп афестиваль апресс-релиз аҟны.

Афестиваль ахкқәа: 

- ахаԥшьгаратә сахьаркыратә ҟазара ажанрқәа ируаку - автортә ашәа апопулиаризациа; 

- авторцәа-анагӡаҩцәа рҟазара аарԥшразы алшара рзаԥҵара;

- авторцәа-анагӡаҩцәа иреиӷьу рырҿиамҭақәа рыла аҿар аԥсадгьыл абзиабареи аиҷаҳареи рылааӡара;

- еиуеиԥшым ажәларқәа рмилаҭтә культурақәа реибарзааигәатәра, реилибакаара, реибарбеиара;

- Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи рыԥсшьараамҭа аиҿкаара;

- амузыка-поезиатә композициақәа ржанр анаҩстәи аҿиара;

Афестиваль  мҩаԥыслоит абри аҭыӡҭыԥ ала:  Аҟәа ақалақь, А.С.Пушкин имҩаду ала иҟоу И. Е. Кортуа ихьӡ зху жәлар рҟазара Ареспубликатә Центр.

Асааҭ 13:00 рзы – арепетициа.

Асааҭ 18:00 рзы– аконцерт алагара аамҭа.

Афестиваль алахәылацәа зегьы адипломқәа ранашьахоит, ҷыдала зҽалызкааз – агәалашәаратә ҳамҭақәа рыҭахоит. Афестиваль иалахәхо зегьы Ацентр аҟны иҟоу автортә ашәа аклуб ахь ирыдыркылоит. Иреиӷьу анагӡаҩцәа жәларбжьаратәи аконкурсқәеи афестивальқәеи рылахәхаразы абжьгаратә цхыраара рыҭахоит.


Read 570 times - Ашәахьа, 12 Рашәара 2023 15:45