Print this page
09.Рашәара.2023

Урыстәылатәи аделегациа Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза иаҭааит.

Аҟәа. Рашәарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новак хадара ззиуо аделегациа Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза иаҭааит.  

Асас даӷьқәа ирԥылеит Гәылрыԥшь араион ахада Саид Ҳаразиеи Ареспубликатә Унитартә Наплакы «В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» адиректор Виачеслав Ешба.

Виачеслав Ешба аҳаирбаӷәазеи ашьҭыԥраарҭа-тәаратә цәаҳәеи ахарактеристика хадақәа дрылацәажәеит.  

Асасцәа аҳаирбаӷәаза аинфраструктура аҭагылазаашьа гәарҭеит.

Аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» Аҟәантәи алада-мрагыларахьҟа 18 километр рынахыс Гәылрыԥшь араион Бабышьра ақыҭан иҟоуп. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза шәачатәи аҳаирбаӷәаза излеиԥшым ыҟоуп. Араҟа амшын аганахьала еиԥш ашьхара аганахьалагьы атәаразы алшара ыҟоуп.

Аеродроми аҳаирбаӷәаза ахыбреи ргылан 1960-тәи ашықәсқәа рзы. 1970-тәи ашықәсқәа рзы аеродром абетонтә ҿыгҳара 20 см. рыла иацҵан, уи иабзоураны иалыршахеит аҳаирпланқәа Ил-76 адкылара. 1980-тәи ашықәсқәа рзы ашьҭыԥраарҭа-тәаратә цәаҳәа иацҵахеит, уи иабзоураны  аҳаирпланқәа Ил-86 адкылара алыршахеит. Иахьа ашьҭыԥраарҭа-тәаратә цәаҳәа аура - 3,6 км. аҟынӡа инаӡоит.


Read 442 times - Амҽыша, 11 Рашәара 2023 22:48