Print this page
08.Рашәара.2023

Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа абжьаҵаразы еиқәыршәахо жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рзы аинформациа зегьы роулоит.

Аҟәа. Рашәарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аилатәара актәи аԥхьараҿы «Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рзы» азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы азакәан апроект рыдыркылеит.

Аиҭакрақәа Аԥсны жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рзы Апарламент адырра аҭара ҳәаақәызҵо ахәҭаҷ 7, ахәҭа 2 иалагалахоит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит адепутат Алхас Барцыц.

Иҟоу азакәанԥҵара инақәыршәыаны, Аԥсны злахәхараны иҟоу жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа, иара убас аратификациа азура зҭаху жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рыпроектқәа рзы Апарламент аԥшьгарала иахәҭаны ианыҟала азы анаукатә експертиза мҩаԥгахоит. Адепутатцәа ргәаанагарала абжьаҵаразы еиқәыршәахо Аԥсны жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа аиқәыршәара астадиаҿы ианыҟоу инаркны ирызку аинформациа зегьы адепутатцәа рҟынӡа анагара алыршазароуп. Убри аан Аԥсны жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рзы Апарламент адырра аҭара ҳәаақәызҵо ахәҭаҷ 7, ахәҭа 2 аминистрцәа Реилазаара Апарламент ас еиԥш аинформациа аҭара шахәҭоу арбазароуп.

Адепутатцәа ргәаанагарала, зыдгалара мҩаԥгоу аиҭакра, анаҩс азинтә еиҿагыларақәа рацәцара азы, жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа еиҳа инҭкааны азыҟаҵареи аиқәыршәареи алнаршоит.


Read 347 times - Аԥшьаша, 08 Рашәара 2023 12:55