Ақалақьқәа атуристтә сезон алагаанӡа атуристцәа ахараԥсазы ргәырҽанызҵо еиуеиԥшым аинформациатә стендқәа рыҟаҵара иахьӡарц азы, иарбоу азакәан азинмчы аиууоит нанҳәамза 1 инаркны.
Аҟәа. Рашәарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атуристцәа шьҭарнахыс ауаажәларратә ҭыԥқәа рҿы ишахәҭоу ала еилаҳәамкәа рцәырҵразы ахараԥса ршәалоит.
Апарламент адепутатцәа аилатәара аҩбатәии ахыркәшаратәи аԥхьараҿы административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла аиҭакрақәа аларгалеит.
Убас, амҩадуқәа, аскверқәа, апаркқәа, уҳәа, ауаажәларра ахьеизо аҭыԥқәа рҿы рхәамц хтны, мамзаргьы аҽыкәабага мацара рышәҵаны анеиразы атуристцәа 100 аулафахәу иреиҵаӡоу ашәагаақәа (6 нызықь мааҭ) аҟынӡа инаӡо ахараԥса ашәара рыдҵахоит.
Ақалақьқәа атуристтә сезон алагаанӡа атуристцәа ахараԥсазы ргәырҽанызҵо еиуеиԥшым аинформациатә стендқәа рыҟаҵара иахьӡарц азы, иарбоу азакәан азинмчы аиууоит нанҳәамза 1 инаркны.