Print this page
07.Рашәара.2023

Д.Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аконкурс аҽҳәара ҳазҭоу ашықәс ԥхынгәымза 1 аҟынӡа иацҵахоит.

Аҟәа. Рашәарамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Д.И.Гәлиа ихьӡ зху алитературеи аҟазареи архитектуреи рзы Аҳәынҭқарратә премиа Акомиссиа, апремиа аиуразы аконкурс аҽҳәара ҳазҭоу ашықәс ԥхынгәымза 1 аҟынӡа ишацҵоу азы адырра ҟанаҵоит.

Аконкурс ахь инашьҭхоит   2020-2022 шш. адунеи збаз аԥҵамҭақәа.

Уи иазку аусшәҟәқәа рыдыркылоит Аҟәа ақалақь, Ажәанба имҩа, аҩ. №9, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху алитературеи аҟазареи архитектуреи рзы Аҳәынҭқарратә премиа Акомиссиа.

 


Read 203 times