Print this page
04.Рашәара.2023

Нестор Багаҭелиа ахацәа рыбжьара ашахматқәа рзы адгьылҿацәтә еицлабрақәа «Мемориал А.А. Сапфирова» рҿы аџьазтә аԥхьахә игеит.

Аҟәа. Рашәарамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Анатоли Карпов ихьӡ зху аҟәатәи ашахматтә школ ааӡамҭа Нестор Багаҭелиа ахацәа рыбжьара ашахматқәа рзы адгьылҿацәтә еицлабрақәа «Мемориал А.А. Сапфирова» рҿы аџьазтә аԥхьахә игеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Аицлабрақәа лаҵарамза 26 инаркны рашәарамза 3 аҟынӡа Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысуан.  Атурнир рхы аладырхәит Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәеи Аԥсни рҟынтәи ашахматистцәа.

 


Read 134 times - Аҩаша, 06 Рашәара 2023 16:52