Print this page
05.Рашәара.2023

Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа абар шьҭа ҩымшуп Риҵатәи аҩхаа аҿы Адгәыр Бгеу иԥшаара иаҿыижьҭеи.

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа абар шьҭа ҩымшуп Риҵатәи аҩхаа аҿы 1997 шықәсазы ииз Аԥсны атәылауаҩ Бгеу Адгәыр Витали-иԥа иԥшаара иаҿыижьҭеи.

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, уи аԥхьа Риҵатәи аҩхаа аҿы, аӡиасқәа Бзыԥи Гегеи ахьеилало аҭыԥаҿы ирыԥшааит амҩаду аҟынтәи аӡиас аӡыршьҭра иҭаҳаз автомашьына «Hyundai Accent».

Иҟоу заанаҵтәи адыррақәа рыла, амашьынарныҟәцаҩ дызҭаз амашьына акы ианынҟьа ашьҭыхь аӡахьы иаршәит. Аԥшаарақәа рымҩаԥгара аруадаҩуеит аӡиас аханы аигәа иҟаз ақәоурақәа ирыхҟьаны  иҳараку аӡы аҩаӡареи аӡиас аҽарцәгьаны амҩасреи.   


Read 226 times