Афильм «Чик ихәыҷра» (12+) аҿы ахҭысқәа мҩаԥысуеит 1940–1950 шш. амратәыла Аԥсны. Ари акиносахьа ҭыхуп Фазиль Искандер иповестқәа рцикл амотивқәа рыла. Зықәра намӡац арԥыс Чик — иаабац асовет школхәыҷы иоуп. Уи иԥсҭазаара ацәикреи аҳәатәхамҵареи рыла игәылҭәаауп. Аха иаалырҟьаны иҟалаз иаб иҭакра ахәыҷтәы хдырреи адунеихәаԥшышьеи шьаҭанкыла иаԥсахуеит. Уи зынӡа иҿыцу ацәаныррақәеи ахьаагарақәеи ахәыцрақәеи изцәырҵуеит. Аха аԥсҭазаара бзиа избо Чик иҟазшьа иоуз имариам аԥышәа аиааираҿы ихәеит. Wink аҿы афильм ахәаԥшразы алшара ҟалоит рашәарамза 1 инаркны.