Print this page
02.Рашәара.2023

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа аӡы иагаз аԥҳәыс лыԥсыбаҩ амшын иамырхит.

Аҟәа. Лаҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәылбыҽха, рашәарамза 1 азы, Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа Аҟәа ақалақь аӡымҽхак аҿы 1981 шықәсазы ииз, аӡы иагаз аԥҳәыс лыԥсыбаҩ амшын иамырхит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аԥсеиқәырхаратә Хылаԥшырҭа апресс-маҵзура.

«Аҭыԥантәи аԥсыӡкыҩцәа аӡы иагаз аԥҳәыс лыԥсыбаҩ амшын аҟәара ишҿықәнажьлоз гәарҭеит. Урҭ иаразнак аԥсеиқәырхаҩцәа рахь адырра ҟарҵеит. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа адырра шаароузҵәҟьа,  иаразнак 21 сааҭи 55 минуҭи рзы аҭыԥ аҿы  инеит»,  - ҳәа иазгәаҭоуп ацҳамҭа аҿы.

Иҟалаз атрагедиа зхылҿиааз ашьақәыргылара мҩаԥысуеит.


Read 364 times - Амҽыша, 04 Рашәара 2023 23:22