Print this page
02.Рашәара.2023

Акриптовалиута арҳара азы аппаратқәа хԥа рымхра мҩаԥган аҳазылхратә ԥыԥшырҭа “Ԥсоу” аҿы.

Аҟәа.  Рашәарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аконтрабати аҳазылхратә зинеилагарақәеи рҿагылара аҟәша аусзуҩцәа аҳазылхратә гәаҭара азона аҿы иааныркыланы игәарҭеит Аԥсны атәылауаҩ зыԥҟы икыз, Урыстәылатәи Афедерациантәи Аԥсныҟа зхы хаз автомашьына. Амашьына асалон агәаҭараан  ирыԥшааит иагьрымырхит Аԥсныҟа заагара азин ыҟам акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа хԥа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аофициалтә саит.

Иарбоу административтә зинеилагарақәа рзы аматериалқәа зегьы аҭҵаараанӡатәи рзы аҳазылхратә усеилыргарақәеи аҭҵаарақәеи рыҟәша ахь идәықәҵахеит.


Read 162 times - Амҽыша, 04 Рашәара 2023 21:20