Print this page
30.Лаҵара.2023

Анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс ахьчара рӷәӷәоуп.

Аҟәа. Лаҵарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, лаҵарамза 30, аоппозициатә политикатә мчрақәа анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс азааигәара иҟоу Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргоит.
Иара анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс ахаҭа ахьчара рӷәӷәоуп, иааҿыкәыршаны иргылоуп аихатәы турникетқәеи автобусқәеи. Ахыбрақәа иаакәыршаны игылоуп Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзуреи амилициеи русзуҩцәа.
Уи аԥхьа, лаҵарамза 29 ауха, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киути атәыла апрокурор Хада Адгәыр Агрбеи ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟарҵеит.


Апрокурор Хада амитинг амҩаԥгараан азинлеишәа аиламгареи аиҿагылара аҟынӡа анамгареи рзы ауааԥсыра зегьы рахь ааԥхьара ҟаиҵеит. «Ҳаҭыр зқәу ажәлар, аоппозициатә политикатә мчрақәа рхаҭарнакцәа рыла лаҵарамза 30, 2023 шықәса, асааҭ 14;00 азы, Аҟәа ақалақь Адраматә театр аҿаԥхьа зымҩаԥгара азԥхьагәаҭоу амитинг инамаданы, Ареспублика Аԥсны апрокуратура Хада ахьӡала – амитинг амҩаԥгараан азинлеишәа аиламгареи аиҿагылара аҟынӡа анамгареи рзы Шәара шәахь аҳәара ду ҟасҵоит», – ҳәа иҳәеит апрокурор Хада.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы иарбоу Амаҵзура, азинмчы аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҭынч массатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан ауааԥсыра рзинқәа рыхьчара иазкны аусмҩаԥгатәқәа ркомплекс шынанагӡало азгәеиҭеит. «Адырра ҟаҳҵоит, аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, азинмчы аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҭынч массатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан ауааԥсыра рзинқәа рыхьчара иазкны аусмҩаԥгатәқәа ркомплекс шынанагӡало. Убри аан, ацәгьоуратә, мамзаргьы аконституциа еилазго ауснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы аҽазышәарақәа рганахьала аинформациа шааҳауз еиԥшҵәҟьа, урҭ азакәан инақәыршәаны иаразнак аԥхьырҟәҟәаара алыршахоит. Даҽазныхгьы иазгәасҭоит, Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ажәлари аконституциатә шьақәгылареи рыхьчара нанагӡоит»,- ҳәа иаҳәоит аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы иҟаиҵаз ааԥхьара аҿы.

 


Read 169 times - Аԥшьаша, 01 Рашәара 2023 21:43