Print this page
30.Лаҵара.2023

Афедерациа Ахеилак атәылахьчара акомитет ахада аколлективтә шәарҭадаразы Аиқәшаҳаҭра Аиҿкаара (ОДКБ) иалоу атәылақәеи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Приднестровтәи Молдавтәи Ареспубликеи рҿы рыҟазаара арӷәӷәара азы ажәалагала ҟаиҵеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Вашингтон Урыстәыла аганахьала инанагӡо аҿагыларатә политика ессааира арӷәӷәара  инамаданы ҳарратә базақәа аҳәаанырцә рышьақәыргылара хымԥадатәны иҟалоит, Урыстәыла арегионалтә жәларбжьаратәи аиҿкаара аколлективтә шәарҭадаразы Аиқәшаҳаҭра Аиҿкаара (ОДКБ) иалоу атәылақәеи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Приднестровтәи Молдавтәи Ареспубликеи рҿы аҟазаара арӷәӷәара азы аҭакԥхықәра адуп, ҳәа игәаанагара иҳәеит Афедерациа Ахеилак атәылахьчара акомитет ахада Виктор Бондариов.

«Еиду Америкатәи Аштатқәа Урыстәыла аганахьала имҩаԥнаго аҿагыларатә политика ессааира арӷәӷәара урыстәылатәи арратә базақәа аҳәаанырцә рышьақәыргылара хымԥадатәны иҟанаҵоит.  «Аибашьра хьшәашәа» аан Асовет Еидгыла Мрагыларатәи Европа иахьаҵанакуаз, иара убас Алада-Мрагыларатәи Азиеи (Вьетнам) Кубеи  арратә базақәа аман», – абри азы ихатәы телеграм-канал аҿы асенатор иҳәаз иажәақәа аанагоит РИА Новости.

Уи иажәақәа рыла, иҟоу аҭагылазаашьаҟны «Урыстәыла арегионалтә жәларбжьаратәи аиҿкаара аколлективтә шәарҭадаразы Аиқәшаҳаҭра Аиҿкаара (ОДКБ) иалоу атәылақәеи, иара убас ааигәа Урыстәылатәи Афедерациа зхьыԥшымра азханаҵаз Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи зхала зхы рылазҳәаз Приднестровтәи Молдавтәи Ареспубликеи рҿы аҟазаара арӷәӷәара азы аҭакԥхықәра адуп».


Read 228 times - Аԥшьаша, 01 Рашәара 2023 16:41