Print this page
29.Лаҵара.2023

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра азинеилагарақәеи ацәгьоурақәеи рыԥхьырҟәҟәаара иазкны ауснагӡатәқәа мҩаԥнагоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2023 шықәса.  Аԥсныпресс.  Асоциалтә каҭақәеи Telegram-каналқәеи рҿы иахьатәи амш иалагӡаны «иацы ахәылбыҽха инаркны ашьауӷатә ԥшаара Аусбарҭа аусзуҩцәа ауаа кны аусеилыргаанӡатәи аамҭалатәи аԥхьакырҭақәа рахь инаргоит. Џьоукы рыҩнынтәи идәылыргоит, даҽа џьоукых адәахьы икны иааргоит» ҳәа аинформациа аларҵәара мҩаԥысуан.  

Ари аинформациа ахцәажәаразы Аԥсныпресс иҟанаҵаз аҳәарала, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аштаттә режим ала аус ауеит ҳәа адырра ҟанаҵеит.  

«Азинеилагарақәеи ацәгьоурақәеи рыԥхьырҟәҟәаареи ауаажәларратә зинлеишәа ашьақәыргылареи ауааԥсыреи ареспублика иаҭаауа асасцәеи ршәарҭадара алыршареи иазкны системала ишьақәыргылоу аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.

Ареспублика аҩныҵҟа акриминагентә ҭагылазаашьа хра злам анырра азҭо ацәгьоуратә гәыԥқәа рыԥхьагылаҩцәеи активла иалахәууи рганахьала апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рахь инаган 8-ҩык, убри аан ԥшьҩык  «воры в законе» ҳәа изышьҭоу, иара убас егьырҭ акриминалтә хаҿқәеи. Урҭ рганахьала аштаттә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.

Аусмҩаԥгатәқәа зегьы закәанла ишьақәыргылоу аԥҟарақәа инарықәыршәаны имҩаԥысуеит», - ҳәа иазгәарҭеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы.

 


Read 404 times - Аҩаша, 30 Лаҵара 2023 01:10